Арадио

Чамагәуа еиҭеиҳәеит арепатриант истатус змамгьы рынхара ахә шахыршәаауа

Арепатриациа афонд аиҳабы Енвер Чамагәуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит арепатриант истатус аҽҳәара анынҵәогьы ҳџьынџьуаа рынхара ахә захыршәаауа атәы.
Sputnik
Арепатриациа афонд ҳџьынџьуаа нхарҭала реиқәыршәара аус иацнаҵоит, арепатриант ҳәа 5 шықәса рышьҭахь зыстатус хыркәшоу, зынхарҭа ахә ахшәаара зцәыуадаҩу рзы иҷыдоу азнеишьақәа аԥҵоуп.
"Азакәан ала арепатриант истатус хәышықәса рыҩнуҵаҟа иҟоуп, убарҭ хәышықәса излаҳалшо ала ҳрыдгылоит, ҳрыцхраауеит, алшара раҳҭоит Аԥсныҟа иааны иҳаланхарц, рхатәы ашҭа, аҩны аума армазеира. Ҳҳәынҭқарра макьана иҿоуп, ҳекономика ишахәҭоу еиԥш ишьақәымгылаӡацт, убри аҟнытә иҳалшаӡом азакәан ишаҳәо еиԥш хәышықәсала арепатриант изы иахәҭоу аҟаҵара. Хәышықәса рнаҩс ауадаҩрақәа ҳазцәырҵуеит арепатриант даҽа шықәсык инапы злаикуеи, дабацои ҳәа. Атәыла аиҳабыра рахь аҳәара ҟаҳҵеит ахаҵгылара рырҭарц хәышықәсатәи зыстатус нҵәаз, ауаҭахқәа ззамаҳхуаз ауаа. Ақьаад шьҭын Аԥсны Жәлар Реизарахь, еилыркааит ҳҭагылазаашьа, адгылара харҭеит убри апрограмма даҽа шықәсык иацаҳҵарц", - иҳәеит Чамагәуа.
Иара иазгәеиҭеит агәыӷра шыҟоу 2022 шықәсазы арепатриантцәа рзы анхара аргылара иацҵахап, анхарҭақәа зоураны иҟоу ауаа ауадақәа рыҭахап ҳәа. Сынтәазы ус зынхара аԥара ахыршәаауа 40 ҭаацәара рҟынӡа ыҟоуп иҳәеит Чамагәуа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.