Аԥсны

COVID-19 зыхьуа рхыԥхьаӡара иагхо иалагеит Гал араион аҿы

Жәабран 18 рызтәи аҭагылазаашьала, Аԥсны акоронавирус зыхьхьоу рхыԥхьаӡара 50412-ҩык ыҟоуп. Ргәы бзиахахьеит 42006-ҩык, 635-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 19 – Sputnik. Гал араион аҿы акоронавирустә инфекциа зыхьуа рхыԥхьаӡара иагхо иалагеит иҳәеит Константин Ԥлиа арадио Sputnik аинтервиу анеиҭоз.
"Сынтәа ажьырныҳәамзазы атестқәа рзыҟаҵан 486-ҩык, урҭ рахьтә 395-ҩык акоронавирус шрылаз ааԥшит. Жәабранмзазы хышәҩык игәаҭаз рахьтә абжаҩык - 154-ҩык аҿкы шрылаз аарԥшын. Аҵыхәтәантәи ҩымчыбжьа рыла, игәаҭаз 186-ҩык рахьтә 72-ҩык ирылан, абас аҭагылазаашьа аиӷьхара иаҿуп", - иҳәеит Ԥлиа.
Ԥлиа убри аан иргәалаиршәеит араион аҿы ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи жәабран 1-18 рзы акарантин ахь иҟан.
"Ашәахьа инаркны ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи аусура иалаҳаргар ҟалап, акаҳуажәырҭақәагьы ааҳартуеит. Аха иагьа ус иҟазаргьы, асабрада ныҟәыргалароуп, ауаа рацәа меизалароуп", - иҳәеит араион ахада.
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла, COVID-19 азы апандемиа ҵысижьҭеи, алаҵа ҟарҵахьеит 18000-ҩык ауааԥсыра. Акоронавирус зыхьхьоу 50 нызқьҩык иреиҳауп.