Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Қәираиа Аӡҩыбжьа имҩаԥгахо ахысразы аицлабра атәы

Очамчыра араион Аӡҩыбжьа ақыҭан жәабран 20 рзы раԥхьаӡа акәны еиҿкаахоит ахысразы аицлабра "спортинг-компакт". Уи шымҩаԥысуа, иалахәхо ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аусмҩаԥгатә аиҿкааҩ Ерасҭ Қәираиа.
Sputnik
"Ари ахысразы аицлабра еиҳараҩык ашәарыцаҩцәа ргәыԥқәа аҵанакуеит. Аԥҟарақәа иаҳа имаҷуп аолимпиатә дисциплина иаҵанакуа "скит" аҟны аасҭа. Нас ашәарыцараҟны акәата, аҟыз уҳәа рыԥыршьа еиԥшны иԥыруеит ачанахқәа еицлабуа аҷкәынцәа зеихсуа", - иҳәеит Қәираиа.
Иара иазгәеиҭеит аицлабра 20-ҩык рҟынӡа шалахәхо Аԥснытәи ашәарыцаҩцәа реиԥш Урыстәылантәигьы.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.