"Алхаратә комиссиа алахәылацәа шьақәырӷәӷәоуп. Иахьазы асиақәа рырҽеира аус цоит. Иаарласны урҭ ркьыԥхьыртә еиԥш алшара роуеит. Алхрақәа еиҳарак имҩаԥгахоит ашколқәеи администартивтә хыбрақәеи рҿы. Ӡыгәҭа ақыҭа ахадара ахыбра ақәа кылсуеит аҟнытә алхрақәа рымҩаԥгара маншәалам, аха излауала уи аҭыԥ аҿгьы еиҿкаахоит абжьыҭира. Ԥсҳәгьы, амш иаҳнаҭар, алхрақәа ианаамҭоу имҩаԥгахоит. Араион аҿы аҽҭаҩра мамзаргьы аҽҭыгара азҵаара хылаԥшра арҭоит. Макьана инеиԥынкыланы ус еиԥш аус мҩаԥысуам", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҷыҭанаа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.