Аҟәа ԥшшәы рацәала: Леуарса Быҭәба иусумҭақәа рцәыргақәҵа

Асахьаҭыхыҩ Леуарса Быҭәба ихатәы ҭыхымҭа ҷыдақәа ҽнактәи рцәыргақәҵа мҩаԥысит Аҟәа жәабран 21 азы.
Sputnik
Акультура-усутә платформа "Гума" имҩаԥысит еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхыҩ Леуарса Быҭәба ихатәы ҭыхымҭа ҷыдақәа ҽнактәи рцәыргақәҵа. Ахатәы коллекциақәа рҟынтәи еидкылан 22 усумҭа. Ацәыргақәҵаҿ иҟан Леуарса Быҭәба заатәи иҭыхымҭақәа, аҳәынҭкарратә ҳамҭа "Ахьӡ- аԥша" аескизқәа, иара убас аҵыхәтәантәи иусумҭақәа-ихыркәшамгьы.
Леуарса Быҭәба диит 1960 шықәса жәабран 21 азы Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан. Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа даналга ашьҭахь, дҭалоит Қарҭҭәи асахьаҭыхратә академиа аграфика афакультет.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага Леуарса Быҭәба ачымазара бааԥс шимазгьы аӷа диҿагылеит.
Леуарса Быҭәба хадара азиуан "Зых иақәиҭу асахьаҭыхыҩцәа реидгыла". 2001 шықәсазы Москва имҩаԥысит Шьазина Агрԥҳа еиҿылкааз ихатәы цәыргақәҵа. Ацәыргақәҵа аҟынтәи еизгаз аԥара акьыба чымазара зыхьуа рыцхыраараз ареспублика ахәыҷтәы хәшәтәырҭа хазы ахимиатә терапиа аԥҵаразы иазоуижьит.
Мшаԥы 28, 2004 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Владислав Арӡынба идҵала Леуарса Быҭәба ианашьан "Ахьӡ-Аԥша" аҩбатәи аҩаӡара.
Леуарса Быҭәба иԥсҭазаара далҵит 2007 шықәсазы.
1 / 15

Асахьаҭыхыҩ Леуарса Быҭәба ихатәы ҭыхымҭа ҷыдақәа ҽнактәи рцәыргақәҵа мҩаԥысит Аҟәа жәабран 21 азы.

2 / 15

Ацәыргақәҵаҿ иҟан ахатәы коллекциақәа рҟынтәи аусумҭақәагьы.

3 / 15

Аусумҭақәа аиҳарак Аҟәа иазкуп.

4 / 15

Рацәак уаҩы иимбацаз асахьақәа рбарцаз арахь иааит ақалақь ауааԥсыра.

5 / 15

Леуарса Быҭәба заатәи иҭыхымҭақәа, аҳәынҭкарратә ҳамҭа "Ахьӡ- аԥша" аескизқәа, иара убас аҵыхәтәантәи иусумҭақәа-ихыркәшамгьы цәырган.

6 / 15

Асахьаҭыхыҩ еснагь иҳәон, Аҟәа - ныҳәа қалақьуп ҳәа.

7 / 15

Ацәыргақәҵа иалахәын асахьаҭыхыҩ иҭаацәа.

8 / 15

Аԥшшәы рацәеи зхатә гьамеи змаз иакәны ргәаҵаҿ даанхеит Леуарса Быҭәба иҩызцәа.

9 / 15

Асахьаҭыхыҩ иусумҭақәа илашоу ԥшшәы рацәала иаарԥшуп.

10 / 15

Ари асахьа иааилак рылаԥш аднахалон, ирхамшҭырц азы рҭелқәа рҿы асахьа ҭырхон.

11 / 15

Ацәыргақәҵа ахьымҩаԥысуаз акультура-усутә платформа "Гума" адәахьы шакәызгьы, ачымазараз иалагалоу аԥкрақәа ирықәныҟәозгьы ыҟан.

12 / 15

Ацәыргақәҵа иаҭааз Леуарса Быҭәба иаҳәшьа илҳәеит, иара асахьаҭыхра даныхәыҷыз ишышьҭикааз.

13 / 15

Леуарса Быҭәба раԥхьатәи иусумҭа ажурнал "Амцабз" ианылеит. Усҟан иара аԥшьбатәи акласс аҟны дтәан.

14 / 15

Леуарса Быҭәба хадара азиуан "Зых иақәиҭу асахьаҭыхыҩцәа реидгыла".

15 / 15

Леуарса Быҭәба илшамҭақәа рзы ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аҩбатәи аҩаӡара.