Аԥсны

Аԥсны Хәажәкыра 8 азтәи аныҳәамшқәа раан еиҳа иалырхуа ахырхарҭақәа жәаба ирықәшәеит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 21 - Sputnik. Аԥсны Хәажәкыра 8 азтәи аныҳәамшқәа раан иалырхуа ахырхарҭақәа рыбжьара иақәшәеит ҳәа РИА Новости иазеиҭарҳәеит атуристтә усхк ахаҭарнакцәа.
Атуроператорцәа ражәақәа рыла, аԥыжәара амоуп Мысра (Египет).

"Мысреи Амшын ҟаԥшь акурортқәеи аԥыжәара рымоуп. Аҩбатәи аҭыԥ - Урыстәыла, ахԥатәи – Ҭырқәтәыла, аиҳарак Стампыл, аԥшьбатәи - Доминикана, ахәбатәи - ЕАЕ, анаҩс – Аԥсны, Куба, Ветнам, Ермантәыла, Мексика", - рҳәеит "Интурист" апресс-маҵзураҿы.

"Интурист" аҿы иазгәарҭеит аԥыжәара шныркыло атәыла алалара ахьымариоу, аԥкрақәа ахьыҟам.
"Раԥхьаӡа акәны ари асиаҿ иҟалеит Аԥсны. Уаанӡа арахь хыԥхьаӡара рацәала ауаа анаауаз лаҵарамзатәи аныҳәақәа раан акәын. Уажәы ПЦР-тестқәеи QR-кодқәеи ахьаҭахым азы ашықәс зегь ауаа аауеит", - рҳәеит атуроператор ахаҭарнакцәа.
Tez Tour адыррақәа рыла, иалкаау 5 рыбжьара аԥыжәара амоуп Египет - 47%, анаҩс Ҭырқәтәыла - 20%, Еиду Арабтә Емиратқәа (ОАЕ) - 10%, Мальдивы - 6%, Таиланд - 5%.
Anex Tour аҿы иалыркааит: Ҭырқәтәыла, Египет, Доминикана, ЕАЕ.
Аԥсны
Гагра ааԥынратәи аԥсшьарамшқәа раан еиҳа иалкаау ақалақьқәа жәаба ирыҵанакит
Level.Travel анализ ала Ҭырқәтәыла алырхуеит 17% атуристцәа, бжьаратәла ахәԥса 46 000 мааҭ итәоит.
"Мысратәи акурортқәа рҿы рыԥсшьара рхыргоит 8% турист" ҳәа азгәарҭеит Level.Travel аҿы, иагьырҳәеит аиҳараҩык урыстәылатәи акурортқәа шалырхуа - 75% .