Аԥсны

Аԥсны лаҵарамзатәи аԥсшьарамшқәа раан иалырхуа 10 хырхарҭак рыбжьара иаҵанакыр ҟалоит

Еиҿкаарыла имҩаԥысуа атуризм асигмент аҿы лаҵарамзатәи аныҳәақәа раан макьаназ аԥыжәара амоуп Ҭырқәтәыла.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 21 – Sputnik. Аԥсны иамоуп алшара лаҵарамзатәи аԥсшьарамшқәа раан иалырхуа 10 хырхарҭак рыбжьара иаҵанакыр ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атуроператорцәа р-Ассоциациа.
Аԥсны
Аԥсны Хәажәкыра 8 азтәи аныҳәамшқәа раан еиҳа иалырхуа ахырхарҭақәа жәаба ирықәшәеит
Урыстәылаа аиҳарак аԥсшьараз иалыркаауа Ҭырқәтәылеи Кипри роуп. Уатәи асасааирҭақәа бжьаратәла 70% заанаҵ иҿарҵахьеит. Аиҳарак азыҳәақәа назышьҭуа ҭаацәала аԥсшьара зҭаху роуп.
Иара убас, Египет, Арабтәи Аемиратқәа, Доминикана, Сеишелтәи адгьылбжьахақәа, Бырзентәыла, Мальдивы амшынтә круизқәа ргәарԥханы иалырхуеит. Аԥсны аҩнуҵҟатәи атуризм иаҵаркноуп ишахәаԥшуа урыстәылатәи атуроператорцәа, аԥсшьаҩцәа шәачатәи аҳаиртә баӷәазахь иахьааиуа азы. Макьаназы ареспублика ҿыц зҳәаақәа аазыртыз атәылақәа ирыҵахоит, аха атуроператорцәа ишырҳәо ала апозициа ҳаракқәа анкылара алшоны ирбоит.

АТОР адыррала Ҭырқәтәылеи Бырзентәылеи рчекқәа 20% - 30% ирыцлеит 2019 шықәса иаҿырԥшны, Доминикана - 7%. Кипр акәзар еиҳа ахә леит.

Амаҵзура "Интурист" адыррақәа рыла лаҵарамзатәи аԥсшьарақәа Аԥсны аӡәы изы 19 997 мааҭ рҟынӡа иаԥсахоит. Атуроператорцәа иара убасгьы Европа атәылақәа рыԥкрақәа рхыхра иазыԥшуп.