Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Қаԥшь изакәанымкәа Аԥсны аекскурсиақәа мҩаԥызго ртәы

Иахьа адунеи аҿы иазгәарҭоит аекскурсиа амҩаԥгаҩ имш. Арадио Sputnik аефир аҟны аекскурсиа амҩаԥгаҩ Алхас Қаԥшь еиҭеиҳәеит закәанда Аԥсны аус зуа агидцәа аҳәынҭқарра иарҭо ааха атәы.
Sputnik
Закәанда Аԥсны аекскурсиақәа мҩаԥызго рхыԥхьаӡара шьақәыргыланы иҟаӡам, аха урҭ рхыԥхьаӡара 100-200 ҩык иреиҳауп ҳәа азгәеиҭеит аекскурсиа амҩаԥгаҩ Алхас Қаԥшь.
"Дара рхыԥхьаӡара есҽны иаҳа-иаҳа иазҳауеит. Уи ус шакәу убоит аҵыхәтәантәи аамҭазы. Еиҳарак Краснодартәи атәылаҿацә, ҳааигәа иҟоу аԥсшьара ҭыԥқәа рҟнытәи арахь аԥсшьаҩцәа мҩаԥыргоит изакәанымкәа. Аԥсны ахыԥша ибзиоу аганахьала акәымкәа, аԥсуаа ҳҵас, ҳкультура ирцәгьаны иаарԥшны ирызнаргоит. Дара Аԥсны аҭоурых азнагаразы адырра рымаӡам, ажәытә-аҿатә зегьы даара еицакны ирызнаргоит", - иҳәеит Қаԥшь.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.