Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Чкадуа ақыҭанхамҩа аҿиара апроект ала анхацәа ирыҭаз арахә иазкны

Гәылрыԥшь араион Ԥшьаԥ инхо Ҭемыр Чкадуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩа аҿиара апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны арахә ааӡара ишигаз атәы.
Sputnik
Ақыҭанхамҩа аҿиара апроект иҭагӡаны ахатә ферма маҷқәа змоу анхацәа ирзырхоу апрограмма аусура иалагеит. 80 хы инацны ашьамаҟа Аԥсныҟа иаагоуп зыпроектқәа аицлабратә комиссиа иалнакааз арахә рыҭаразы.
"Арахә зааӡо изы уаҳа назҭахым ауп. Ԥшьхкык арахә ааргеит. Амашьына иҭаргыланы иахьааргоз азы арахә мҟәаҟәои, ҩ-машьынак рҟны 80 инацны иҭан. Амҩан хәыҷык иҟәаҟәеит, акрырҿарымҵеит, шьоукы рылахь имааиӡеит ас ишԥаҟалеи ҳәа, иҟоуп ишакәым ицәажәазгьы. Арахә атәы здыруа, избо изы уаҳа назҭахым ауп", - иҳәеит Чкадуа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.