Нарҭаа репос алабҿабарахь аиагара рыгәҭакуп

Нарҭаа репос аԥсуаа ҳадагьы, адыгаа, ауаԥсаа уҳәа егьырҭ Нхыҵ Кавказ ажәларқәа рҿгьы ирылаҵәоуп.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 21 - Sputnik. Нхыҵ Уаԥстәыла асахьаҭыхыҩцәеи аграфистцәеи ргәыԥ иазԥхьагәарҭоит Нарҭаа репос алабҿабарахь аиагара ҳәа аҩуеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла "15-й Регион" адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Ари еиԥш агәҭакы авторс дамоуп акомпиутертә графика асахьаҭыхыҩ Алан Хадиков.
Нарҭаа репос амотивқәа рыла стрит-арт Аҟәа иаздырхиоит
Иахьазы ицоит аусурақәа аелектронтә библиотека аԥҵаразы. Уи ахархәара аҭахоит амультфтльмқәа, ахәмаррақәа, акиносахьақәа рзы аескизқәа раԥҵаразы.
Асахьаҭыхыҩцәа ргәыԥ 150 шәҟәы рҟынтәи аинформациа еизыркуеит.
"Аҿар иахьа аепос иаԥхьаӡом. Ахарагь узрыдҵом. Аамҭа ус иҟоуп. Ҳара аепос алаҵәара аҭара ҳуалуп. Ахәмарратә ҟазшьала иадҳаԥхьалароуп", - ҳәа иҳәоит Хадиков.
Автор ишазгәеиҭо ала, иара убасгьы аус адыруылараны иҟоуп ацҵа, аелектронтә формат ала ателефон ахь ииаганы уаԥхьар алшо.