Урыстәыла аиҳабыра рахь акриптоԥара аҭышәныртәаларазы азакәан апроект нашьҭуп

Адокумент аиҳабыра рнапынҵала аус адулоуп, ацифратә ԥарақәа риекәыршара аиҿкаара амеханизм аҭышәныртәалара аконцепциа ашьаҭала.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 21 – Sputnik. Урыстәыла Афинансқәа рминистрра аиҳабыра рахь акриптоԥара аҭышәныртәаларазы азакәан апроект нанашьҭит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

"Урыстәылатәи афедерациа аҵакыраҿы аԥарашәаратә хархәаганы ацифратә ԥара аҟазаара уаанӡеиԥш азин ыҟам", - ҳәа рҳәеит аминистрраҿы.

Азакәан апроект ацифратә ԥарақәа реикәыршара мҩаԥызгало абиржақәеи аԥсахырҭақәеи рахь аҭаххарақәа ҳәаақәнаҵоит. Уи азы иаԥҵахоит аоператорцәа рышәҟәынҵа ҷыда, русура хылаԥшра анаҭалоит азинмч змоу аусбарҭа. Аҳәаанырцәтәи акриптоԥаратә биржақәа алицензиа аиуразы Урыстәыла ашәҟәы рхы ҭаргалароуп.
Урыстәыла афинансқәа рминистрра: акриптоԥара аргаматәра еиҳа еиӷьуп азинҟамҵара аасҭа
Адокумент инақәыршәаны ацифратә ԥарақәа аинвестициақәа рҿы мацароуп ахархәара ахьрыҭахо. Раахәареи рыҭиреи алшоит абанкқәа рҿы, убри аан ацәшәарақәа рыманы. "Атәылауаа онлаин-тест иахыслароуп акриптоԥара анаархәо. Уи иаанарԥшыроуп атәылауаҩ идыррақәа ацифратә валиута ахархәара иацу ацәшәарақәа", - ҳәа аҩуеит аусбарҭа.
Атест иахысуа есышықәса 600 000 мааҭ рҟынӡа акриптоԥара алаҵара. Ауаҩы атест дзахымсыр - 50 000 мааҭ еиҳаны азин иҭахом. Адырра змоу аинвесторцәеи аиурист хаҿқәеи ԥкрада аоперациақәа мҩаԥыргар рылшоит.
Ацифратә ԥара аҭышәныртәалара еицымҩаԥыргон Афинансқәа рминистрреи Абанк хадеи. Убри аан ари азҵаараҿы дара ргәаанагарақәа еиқәшәаӡом.
Урыстәыла Афинансқәа рминистрра амаинингқәа раргамара иадгылоит
Абанк хада акриптоԥара амаининг, аахәара, аҭира рзы ахараԥса ақәҵара ахәҭаны иашьоит.
Аминистрраҿы апроект аус адулараан ари азнеишьа ишазхәыцуа рҳәеит.
Аминистр Антон Силуанов иажәақә арыла, акриптоԥара ыҟоуп, егьа иҟамшәа ҟаҳҵаргьы, аргаматәрагьы еиҳа еиӷьуп мап ацәкра аасҭа.