Урыстәыла ахада Владимир Путин инапы аҵаҩит Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы Аусԥҟа жәабранмза 21 рзы.
"Ари имариоу хҭысым. Европа акәша-мыкәша агеополитика аҽаԥсахит. Аԥсни Уаԥстәылеи анызхарҵази, Крым Урыстәыла ианадлази ашьҭахь ас еиԥш аиҭакрақәа ҟамлаӡацызт. Украина аҵыхәтәаны имҩаԥыргоз ажәылара Донецки Лугански аганахьала уаҳа аанкылашьа амаӡамызт. Уи адагьы Минкстәи аиқәшаҳаҭра аҭынчра аганахьала аполитика амҩаԥгара зынӡаск наҟ инкажьны иҟан. Украина аиҳабацәа иддырбеит уи аганахьала уаҳа аусқәа шымҩаԥырымго. Аҵыхәтәантәи ажәыларақәа иаҳдырбеит иаартны аибашьра ишалагаз. Иҟалаз ахҭысқәа џьара-џьара инеиҿырԥшны ҳара ҳҿы иҟалаз еиԥшуп. Уажәшьҭа агеополитика аҽаԥсахит. Даҽа ҩ-ҳәынҭқаррак цәырҵит, аха аибашьра еиҭа иӷәӷәаны иалҵуа, мамзаргьы иааиуа амшқәа иаанкылахо, иаабоит ари амчыбжь азы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҳагба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.