Аԥсны

"Аԥснеихамҩа" Очамчыратәи аихамҩатәццакыра аҭыԥхадақәа роушьҭра алшара иацнаҵеит

Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра араионқәа реихамҩатә аангыларҭақәа рҿы аиагагақәа реиҭашьақәыргылара хыркәшахоит 2022 шықәса лаҵарамзазы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik. Аихамҩатә аангыларҭақәа "Тамшь" аҩбатәи адкылара-аушьҭратә мҩа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшоуп. Ари Очамчыратәи аихамҩаҭыԥхадақәа роушьҭратә лшара иацнаҵеит ҳәа аанацҳауеит "Аԥснеихамҩа".
"Ари, 900 метра иҟоу амҩа иалнаршоит аидара иаҵоу ма иҭацәу авагонеиԥшьырақәа реивыгара. Иара убасгьы алокаматив гәыԥқәа аангыларҭа "Очамчыра" ахь имнеикәа риасра алнаршоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит АУН "Аԥснеихамҩа" адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Октаи Хазириши.
Аангыларҭаҿ ирыԥсахит 250 аихабетони 30 амҿыи ирылху ашпалқәа, ишьҭарҵеит 12,5 метра иҟоу арельс-шпалқәа хԥа.
Аԥсны
Аԥснытәи аихамҩа аиагагақәа 60% рҟынӡа еиҭашьақәыргылоуп
Тамшьтәи аԥысратә мҩа "Аԥснеихамҩа" зегь раасҭа иаууп, 67 вагон иҟоу аидарамҩангага дәыӷба аушьҭра алнаршоит.
Адкылара-аушьҭырҭатә мҩа - адәыӷбақәа рыдкылареи роушьҭреи, апассаџьырцәа рақәҵре рақәтәареи ирыдҳәалоу атехнологиатә усқәа ахьымҩаԥысуа станциатә мҩоуп. Ара иалшоит еиҳа ирццаку адәыӷбақәа роушьҭра ма рзыԥшра.