Аԥсны

Аԥснытәи акапелла Шәача имҩаԥысуа Иури Башмет иубилеитә фестиваль иалахәхоит

Жәабран 16-27 рзы Шәача имҩаԥысуеит XV тәи жәларбжьаратәи аӡынтәи Иури Башмет ифестиваль.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 22 – Sputnik. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә ахортә капелла алахәхоит Шәача имҩаԥысуа Иури Башмет иҟазаратә фестиваль, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Аҳәынҭқарратә ахортә капелла асахьаркыратә напхгаҩы, адирижиор Нора Аџьынџьал.
XV тәи жәларбжьаратәи аӡынтәи Иури Башмет ифестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит урыстәылатәи ахортә капеллақәа хԥеи аԥсуа хортә капеллеи злахәу "Бориси Глеби рҳәамҭа" аопера ҳәа азгәалҭеит асахьаркыратә напхгаҩы.
"Ааԥхьара ҳауит Москва аиҳабыра рпремиа алаурет, адирижиор Александр Соловев иҟынтәи. Ари аопера ҳацқәгылахьеит жәабранмза 2020 шықәсазы. Усҟан иара аԥхьарбара ыҟан. Уи аахыс ҩышықәса ҵит, ҩаԥхьа ари аопереи ҳареи ҳаицықәгыларцаз ааԥхьара ҳауит", - ҳа азгәалҭеит Нора Аџьынџьал.
Лара еиҭалҳәеит, апандемиа аамҭазы афестиваль рыҽшазыҟарҵоз атәы.

"Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан уадаҩрыла. Аколлектив алахәылацәа рыбжьара иҟан ичмазыҩцәаз. Иҟан убри аҩыза аамҭагь ҽнак ала 15-ҩык анычмазыҩхаз.Акарантин ҳцар акәхеит, аха аҽазыҟаҵарақәа ҳарҿын", - лҳәеит адирижиор.

Аҳәынҭқарратә ахортә капелла афестиваль аҟны иқәгылоит аԥшьаша жәабран 25 азы.
Иури Башмет ифестиваль - ари Урыстәыла зымҿхак ҭбаау акультуратә хҭысуп аӡынтәи аамҭазы. Иара иаҭаауеит адунеи аеҵәахәқәа, хыԥхьаӡара рацәала атуристцәеи ажурналистцәеи.
Аԥсуа капелла Шәачатәи афестиваль аҟны иқәгылеит