АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik. "Кавказ ахьчараз. Сталинград" захьӡыз ахәыҷтәы еицлабра иаиааиз аҳмҭақәа ранаршьеит Аҟәа аҩаша жәабран 22 азы.
Аиааира ргеит гечрыԥшьтәи ашкол аҵаҩы Сергеи Терзиан, Пушкин ихьӡ зху аҟәатәи аҩбатәи ашкол аҵаҩы Никита Егоров, мархьаултәи ашкол аҵаҩы Ерик Толиан. Иара убас, "Россотрудничества" асаит аҟны абжьыҭарала иаиааиз Амина Аиба.
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҳамҭақәа ранашьара иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит Аԥсадгьыл ахьчара амш аламҭалазы В. Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны.
Асахьаҭыхразы ахәыҷтәы еицлабра "Кавказ ахьчараз. Сталинград" мҩаԥыргеит Москва Аҩныи "Россотрудничествеи" Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеии. Аусумҭақәа рыдыркылон жәабран 2 рҟынӡа.
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аиҳабы Мзиа Беииаԥҳа лажәақәа рыла, аицлабра хықәкы хадас иамаз Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аҭоурыхтә ҵакы аиқәырхара акәын.
"Аицлабра еиҿкаан Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа иалахәызи зхы ақәызҵази афырхацәа ргәаларшәара аиқәырхараз. Аицлабра рылаҳәан жәабран 2 азы уи машәыршақә иалхымызт, ари амш аҽны 1943 шықәсазы анемец мпыҵахалаҩ иҟынтәи Сталинград ахы иақәиҭтәын", - ҳәа илгәалалыршәеит Беииаԥҳа.
Аицлабра иалахәын х-школк - Гечрыԥшь, Мархьаул, Пушкин ихьӡ зху аҟәатәи аҩбатәи ашкол.