Аԥсны

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә ахортә капелла арепертуар амҳаџьырқәа рзы ареквием ала ихарҭәаахеит

Амҳаџьырқәа рзы ареквием нагӡахоит Кавказтәи аибашьра иаланҵәаз ргәалашәара амш аҽны, лаҵара 21 азы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 23 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә ахортә капелла арепертуар амҳаџьырқәа рзы ареквием ала ихарҭәаахеит, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит акапелла асахьаркыратә наԥхгаҩы, адирижиор Нора Аџьынџьалԥҳа.
"Нодар Ҷанба амҳаџьырқәа ирызку икомпозициа "Ареквием" аҽазыҟаҵарақәа ҳарҿуп. Ареквием нагӡахоит Кавказтәи аибашьра иаланҵәаз ргәалашәара амш аҽны, лаҵара 21 азы",- лҳәеит лара.
Аԥсны шықәсыбжак аҩныҵҟа аконцертқәа рымҩаԥгаразы аԥкрақәа ыҟан, аха ахортә капелла арепетициақәа шымҩаԥнагац имҩаԥнагон.
2022 шықәса лаҵарамзазы аколлектив Аҟәа имҩаԥысраны иҟоу афестиваль "Opera Viva" иалахәхоит.
Атермин "амҳаџьырра" аҭоурыхтә литератураҿ ицәырҵит XIX ашәышықәсазы, Кавказтәи аибашьра ашьҭахь.
Арадио
Инџьгьиа: амҳаџьырра ишахәҭоу еиԥш иҭҵааны макьана иҳамам