ЕАА Урыстәыла ихьыԥшым ауал асанкциақәа ақәнаҵеит

Урыстәыла аганахь ала асанкциа ҿыцқәа жәабран 23 инаркны амчра роуеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. ЕАА Афинансқәа рминистрра урыстәылатәи аелита, ихьыԥшым ауал, абанкқәа ҩба асанкциақәа рықәнаҵеит Урыстәыла Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра аназханаҵа ашьҭахь.
Уи адагьы америкаа Донецктәии Лугансктәии жәлар рреспубликақәа рҿы ахәаахәҭратәи, аинвистициатәи, афинанстәи операциақәа мҩаԥыргар азин рымам.
ЕАА ахадараҿы ирҳәеит Урыстәыла аганахь иалагалоу асанкциақәа Москва агрессиа аанкылароуп иззырхоу ҳәа.
ЕАА иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Анатоли Антонов аҳәамҭа ҟаиҵеит, асанкциақәа иззеицәахоугьы иара Мраҭашәара шакәу, уи ала Москва адәныҟаполитикатә мҩа аԥсахразы ақәыӷәӷәара шыҟамло.
"Ҳәарада, асанкциақәа адунеитә афинанстәии аенергетикатәии џьармыкьақәа анырра рнаҭоит. Иара ЕАА аҿгьы ауааԥсыра ари рныруеит ахәԥсақәа рыцҵарала", - иҳәеит иара.
Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Донбасс аҭагылазаашьа иаалырҟьаны иуадаҩхеит. Аҭыԥантәи амчрақәа аҭынчуааԥсыра хыԥхьаӡара рацәала Урыстәылаҟа иахыргеит. Асабша, жәабран 19 азы ДЖәРи ЛЖәРи рхадацәа азеиԥш ҽеидкылара рыларҳәеит украинатәи амчрақәа Донбасс иажәлар ҟалоит ҳәа иҟаз ашәарҭаразы. Ареспубликақәа рхадацәа Урыстәыла ахь аҳәара ҟанаҵеит рхьыԥшымра азханаҵарц.
Жәабран 21 азы, Урыстәыла ахада Владимир Путин иқәгылараҿы иҳәеит ДЖәРи ЛЖәРи азхаҵара шхымԥадатәиу. Путин иҳәеит, адунеи аҟны Донбасс имҩаԥысуа ахҭысқәа, есҽны ауааԥсыра иахьрылахысуа, ауаа ахьҭахо рымбоушәа шыҟарҵо. Иқәгылара ашьҭахь ареспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаҩит. Иара убас Путин Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адҵа аиҭеит ДЖәРи ЛЖәРи рҟны аҭынчра ашьақәгылара иацхраарц.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылеи ДЖәРи ЛЖәРи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит