Арадио

Нанба Аԥсадгьыл ахьчаҩ имшныҳәеи ироли рзы: ихьысҳашәа иҟалеит

Аԥсадгьыл ахьчаҩ имшныҳәа аханатә ҵакыс иамаз , иахьа ишҳадаҳкыло, ҳҳәынҭқарра аамҭа цәгьа иҭагылар, уи ахьчараз игыло ахьынӡазыҟаҵоу, адәныҟатәи аполитика ишьақәнаргыло аԥҟарақәеи арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәоит аруаҩ, Леон иорден занашьоу, аинрал Закан Нанба.
Sputnik
Жәабран 23 рзы Урыстәылеи Ихьԥшым атәылақәа реимабзиара иалоу аҳәынҭқаррақәа жәпаки рҿы иазгәарҭоит Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш. Аныҳәа шьаҭаркын 1922 шықәсазы. Жәабран 23 рзы ирыдныҳәалоит, ҳаҭырла иргәаладыршәоит агәаӷьра злоу, зхы иамеигӡо, доуҳала иӷәӷәоу, зыԥсҭазаара Аԥсадгьыл ахьчара иазызкыз, ауаажәларра рҭынч ԥсҭазаара зыхьчо ауаа.
" …уажәы ҳхәыҷқәа арра ицараны иҟоу зегьы ирылааӡаӡам апатриотизм закәу, ахаҵара закәу. Ҳхәынҭқарраҿы арра имцакәа иуҭаххар иминистрхоит, иаауҭаху рылҵоит. Арахь арра закәу издыруам, абџьар акышьа шаҭаху. Ҳаӷеиҭа аибашьра анцәа иҟаумҵан, акы ааҟаланы днаугар, аԥхьа иааҭҟьаз ахы аҟыԥҳәа иаахоит, избанзар гәыла, махәҿала, хшыҩла дазыҟаҵаӡам…Арра ицо ихыччо аҟынӡа ҳнеир ҳәа сацәшәоит, иахьа амҩа ҳазқәу ала", - иҳәеит Нанба.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.