ААР ахҳәаа анаҭеит Украинеи Урыстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа аанкылара

Украинеи Урыстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа аанкылоуп
Sputnik
АҞӘА, жәабран 24 – Sputnik. Украинеи Урыстәылеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа раанкылара- иалҳхыз амҩа акәӡам, Киев Урыстәыла аганахь имҩаԥнагоз аполитика аҵыхәтәа аиуит, абри атәы аҩуеит РИА Новости Адәныҟатәи аусқәа аминистрра рыхҳәаа шьаҭас иганы.
"Украинеи Урыстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа раԥыхра киевтәи анапхгара Урыстәыла аганахьала имҩаԥыргоз аполитика аҟны акәаԥ аргылоит, иаҳҳәозар 2014 шықәсазы имҩаԥыргаз ишьаарҵәырахаз аҳәынҭеилыхара, 2018 шықәсазы мап зцәыркыз аиҩызареи, аицхыраареи рзы Аиқәшаҳаҭра, иара убас Украина инхо аурысқәа рзинқәа еилазго азакәанқәа жәпакы", - рҳәеит Урыстәыла ААР аҟны.
Урыстәыла ахада Владимир Путин ателехәаԥшрала алаҳәара ҟаиҵеит Донбасс арратә операциа ҷыда ишалаго азы. "Аҭагылазаашьа хырԥашьа змам, заамҭа гатәым ахымҩаԥгашьа ҳаднаҵоит. Донбасс жәлар рреспубликақәа Урыстәылахь ацхыраара иаҳәеит".
Украинеи Урыстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа аанкылоуп
Урыстәыла ахада иҳәеит, иҟалар зылшо ашьакаҭәара иахьатәи украинатәи арежим иадҵахоит ҳәа. Путин украинатәи аруаа рахьгьы ааԥхьара ҟаиҵеит.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҟны ирҳәеит, аҭынч уааԥсыра ишрыламкьысуа атәы. Иазгәарҭоит, украинатәи ақалақьқәа ишрыламкьысуа, аруаа русура еиԥдырҟьоит арратә инфраструктура, аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа, арратә ҳаирбаӷәазақәа.