Арадио

Ҳагба Донбасс ицо арратә операциа ҷыдазы: агеополитикатә ҭагылазаашьа зынӡа аҽаԥсахит

Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҟны ахҳәаа аиҭеит Донбасс имҩаԥысуа арратә операциа ҷыда, Урыстәылеи Украинеи реизыҟазаашьақәа, адунеи аҟны ашәарҭадара азҵаара.
Sputnik
Донбасс арратә операциа ҷыда ишалагаз азы Урыстәыла ахада Влдаимир Путин алаҳәара ҟаиҵеит телехәаԥшрала урыстәылауаа рахь. Иара иазгәеиҭеит Урыстәыла ишагәҭакым Украина аоккупациа азура, аха Москва иара адемилитаризациа азура аҽазнашәоит.
Украина аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа ҭархоуп, аҳаирбазақәа ринфраструктура шьаҽуп, ҳәа аанацҳаит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
" …Иҟалаз ҳахцәажәозар, ари шьҭа агеополитикатә ҭагылазаашьа зынӡа аҽаԥсахуеит. Ашәарҭадара аганахьала Украинеи Урыстәылеи рымацара ракәӡам, Европа зегьы абри иахылҿиаауеи ҳәа иахәаԥшуеит, иара адунеи зегьы. Иҳаздырӡом ари иахылҿиаауа, иара Украинатәи аполитикцәагьы иахьа- уаҵәы ирԥеиԥшхо еилкаам. Ԥаса иҟаз Украина аполитикатә режим аҵыхәтәа ԥҵәеит, еизыҟазаашьас шьҭа иҟало, аҽшаԥсахуа иааиуа амшқәа иаҳдырбоит", - иҳәеит Ҳагба.
Иара убасгьы дазааҭгылеит арҭ ахҭысқәа ныррас ирынаҭо ԥасатәи асовет ҳәынҭқарра ду атәылақәа, Аԥсны аҳәынҭқарра аҿиаразы изызхәыцтәу.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.