АҞӘА, жәабран 24 - Sputnik. "Урыстәылатәи аихамҩақәа" Аладатәи Урыстәыла ахырхарҭа аҟынтәи адәыӷба-цҵақәа рдәықәҵара иалагоит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аилахәыра аофициалтә Telegram-канал адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Адәыӷбақәа амҩа иқәлоит Адлер, Анапа, Новороссииск, Шәача уҳәа ақалақьқәа рҟынтәи. Иара убасгьы иҟоу аиԥшьқәа авагон-цҵақәа рыцҵахоит.
"Ахәԥсақәа шьақәдыргылоит, иҟоу азыҳәа иахҟьаны ишьҭымҵырц. Аиҭакра ҳәа кыр ҟалозар адыррақәа ҟаҵахоит" ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аилахәыраҿы иазгәарҭеит апассаџьыртә дәыӷбақәа ишазгәаҭаз аиԥш ишныҟәало, авокзалқәа аус шаус иаулоит ҳәа.
Владимир Путин Украина аганахь ала аоперациа ҷыда ишалаго азы алаҳәара ҟаиҵеит жәабран 24 азы.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрраҿы иазгәарҭоит, украинатәи ақалақьқәа ишрыламкьысуа, аруаа русура еиԥдырҟьоит арратә инфраструктура, аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа, арратә ҳаирбаӷәазақәа.