АҞӘА, жәабран 24– Sputnik. Урыстәылеи Аԥсни ҩ-тәылауаҩрак аиура азҵаарақәа рҭышәныртәалараз Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарыҩраны иҟоуп 2022 шықәсазы, аанацҳауеит ареспублика аекономика аминистрра асаит.
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара азеиԥш социалтәи-аекономикатәи ҵакыра аԥҵаразы Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны 2022 шықәса аҩнуҵҟа аԥсуа ган ихнаркәшароуп:
Аԥсны аҳазалхратә кодекс,
Аҳәынҭқарратә баџь азы азакәан,
Аинвестициатә усура аусхк аҟны апроектқәа,
Ашәахтә закәанԥҵара аусхк аҟны апроектқәа,
Агәабзиарахьчара аусхк аҟны апроектқәа.
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара азеиԥш социалтәи-аекономикатәи ҵакыра аԥҵаразы Апрограмма шьақәырӷәӷәан 2020 шықәса абҵарамзазы Аслан Бжьаниеи Владимир Путини реиқәшәара ашьҭахь.