Аԥсны

Донецки Лугански рҟынтәи ахҵәацәа Аҟәаҟа иааиит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рҟынтәи ахҵәацәа рыдкылареи рымҩаԥгареи азы анапынҵа ҟаиҵеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны АҶА Донецки Лугански рҟынтәи ахҵәацәа Аҟәаҟа иааргеит.
ДЖәРи ЛЖәРи рҟынтәи ахҵәацәа раԥхьатәи ргәыԥ Аҟәатәи асасааирҭа "Аиҭар" аҟны иҟазаауеит.

"Донецки Лугански ауаа алаагарц адҵа ҳаман. Луганскынтә 52-ҩык аагеит, Донецкынтә – 41-ы", – иҳәеит Аԥсны АҶ рминистр Лев Кәыҵниа.

Донецкынтәи иааз рҟынтәи 27-ҩык хәыҷқәоуп, Луганскынтәи – 32-ҩык.
1 / 6

Донецки Лугански рҟынтәи ахҵәацәа Аҟәаҟа иааиит

2 / 6

Донецки Лугански рҟынтәи ахҵәацәа Аҟәаҟа иааиит

3 / 6

Донецки Лугански рҟынтәи ахҵәацәа Аҟәаҟа иааиит

4 / 6

Донецки Лугански рҟынтәи ахҵәацәа Аҟәаҟа иааиит

5 / 6

Донецки Лугански рҟынтәи ахҵәацәа Аҟәаҟа иааиит

6 / 6

Донецки Лугански рҟынтәи ахҵәацәа Аҟәаҟа иааиит

Донбасс аибарххара иахҟьаны ЛЖәРеи ДЖәРеи рнапхгаҩцәа ауаа ралгара иалагеит, азеиԥш ҽеизыкра рыларҳәеит. Ареспубликақәа рхаҭарнакцәа изныкымкәа аҳәамҭақәа ҟарҵахьан ахымца аанкыларазы иҟаз аиқәшаҳаҭра Киев ишеиланагоз. Жәабран 19 азы ДЖәРеи ЛЖәРеи рхадацәа Урыстәыла ахада иахь аҳәара ҟарҵеит рхьыԥшымра азхаиҵарц.
Жәабран 21 азы Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара ашьҭахь Урыстәыла ахада Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра шазхеиҵо азы Аусԥҟа инапы аҵаҩит, Урыстәыла арратә мчрақәа аҭынчра аиҿкаара рнапы ианиҵеит.
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа аминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭала, Донбасс ареспубликақәа азхаҵоуп рзинмч ахархәара ахьамоу аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Урыстәыла ахада Владимир Путин иазгәеиҭеит адунеи украинатәи арежим Донбасс имҩаԥнаго агеноцид рыла иадырбар шырҭахым. Иара иҳәеит аҭагылазаашьа аанкыламхар аҭакԥхықәра зегьы здыло Украина ауп ҳәа.