Мосбиржа аџьармыкьақәа зегьы рҿы ахәаахәҭра шааннакылаз азы аҳәамҭа ҟанаҵеит

Аԥшьаша ашьыжь Урыстәыла Донбасс арратә операциа ҷыда ишалаго азы иҟаҵаз алаҳәара ашьҭахь аџьармыкьа еилаҳаит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 24 – Sputnik. Москатәи абиржа аџьармыкьақәа зегьы рҿы ахәаахәҭрақәа шааннакылаз азы аҳәамҭа ҟанаҵеит, ианхацыркхо хазы иазгәаҭахоит.
Урыстәылатәи акциақәа рџьармыкьеи амааҭи абиржа ишьақәнаргылаз аҳәаақәа реиҳа илаҟәит.
Адоллар акурс 84,075 мааҭ ихалеит, евро - 95,2425 рҟынӡа, Мосбиржа аиндекс - 11,3% рҟынӡа.