"Уажәшьҭа аӡын ииасуеит. Гагра курорттә қалақьуп аҟынтә, ҳазхиазароуп иааиуа аамҭахәҭа, аҟәара, аԥшаҳәа иара убас егьырҭ аҭыԥқәа аԥсшьаҩцәа зҭаауа азхиазароуп. Гагра ахадараҟны акомиссиатә еилатәара мҩаԥысит, ҳрылацәажәеит хадара злоу атемақәа. Раԥхьа инаргыланы атурфирмақәа шаҟа ҭыԥ рыҭахо аекскурсиатә блеҭқәа рыҭиразы, иԥсахын аҟәара қьырала иахьыргои атурфимақәа ирырҭо аҭыԥқәеи рзы ирхыршәаауа ахәԥсақәа. Ииасыз ашықәсқәа рзы амуниципалтә наплакы "Гагра Акурорт" ашҟа аԥара ршәон. Ари ашықәс инаркны араион абиуџьет ахь иаларгалоит. Аԥҟарақәа еилазго атурфирмақәа ирықәаҳҵо ахараԥса ҳалацәажәеит", - иҳәеит Бганба.
Иара адырра ҟаиҵеит араион аҟны 70 аобиект аԥсшьаҩцәа шрыдыркыло, 2021 шықәсазы ирыман 15 нызқьи 542 аиарҭа-ҭыԥқәа. Иаагозар, 2012 шықәсазтәи арбагақәа, усҟан 12 нызқьи 435 аиарҭа-ҭыԥқәа ыҟан, иҳәеит Бганба. Иара иажәақәа рыла иҳаҩсыз ашықәс азы араион аҟны 240 нызқьҩык рҟынӡа ауаа рыԥсы ршьеит, уи ҩынтә еиҳауп 2019 шықәсазы араион иаҭааз аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара иаҿырԥшны.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.