Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Украина аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа ҭархоуп рҳәеит

Урыстәыла ахада Владимир Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Донбасс аоперациа ҷыда ишалаго азы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 24 – Sputnik. Украина аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа ҭархоуп, аҳаирбазақәа ринфраструктура шьаҽуп, абас аҩуеит РИА Новости Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа шьаҭас иҟаҵаны.
Убри аан Украина аҳәаахьчаҩцәа "аҿагылара руам" ҳәа азгәаҭоуп.
"Украина аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа шьаҽуп", - ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.
Иазгәаҭоуп ақалақьқәеи аҭынч уааԥсыреи ԥырхага шрыҭам.
Уи адагьы аминистрра урыстәылатәи аҳаирплан кажьуп ҳәа аҳәаанырцәтәи АИХқәа рҳәамҭақәа ҿаԥнаҽуеит.
Урыстәыла ахада Владимир Путин ателехәаԥшрала алаҳәара ҟаиҵеит Донбасс арратә операциа ҷыда ишалаго азы. Иара иҳәеит Москва Украина аоккупациа азура агәы ишҭам, ирҭахә абџьархыхра шакәу.
Путин Донбасс арратә операциа ҷыда иалагоит ҳәа алаҳәара ҟаиҵеит