Урыстәыла Донбасстәи ареспубликақәа ахьазханаҵаз хара имгакәа Минск иалацәажәараны иҟоуп

Белоруссиа ахада Александр Лукашенко аҳәамҭа ҟаиҵеит мҽхакыҭбаалатәи аимак макьаназ аҭыԥ ақәҵара алшоит, аха уи азы аиҿцәажәара амҩа ианылатәуп ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 24 – Sputnik. Белоруссиа ахада Александр Лукашенко иҳәеит Урыстәыла Донбасстәи ареспубликақәа ахьазханаҵаз хара имгакәа Минск иалацәажәараны иҟоуп. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Азҵаара аӡбра амшхәаԥштә аҟны иқәгылоуп. Хара имгакәа Урыстәылагь ҳаргьы ишаҳзеиӷьхаша аӡбра аҳҭоит", - иҳәеит Лукашенко.

Александр Лукашенко иара убас ааԥхьара ҟаиҵеит Украина аҵакыраҿы мҽхакыҭбаала аибашьранӡа анагара аҭахым ҳәа.
"Аимак аҽарӷыӷкит. Анашьҭымҭа аныҟасҵаз исҳәаз рмаҳаит. Исҭахуп, Украина уажәы сыбжьы раҳар. Ашьакаҭәара алымшарц азы иалшо ҟаҵатәуп. Анцәа иумҳәан, аха адгьылтә операциа иалагар иҟалаша здыруада?", - иҳәеит аилацәажәараҿы.
Лукашенко иазгәеиҭеит Украина Урыстәыла аҭахрақәа ирықәныҟәар азеиӷьуп ҳәа.
Путин Донбасс арратә операциа ҷыда иалагоит ҳәа алаҳәара ҟаиҵеит
Донбасс аибарххара иахҟьаны ЛЖәРеи ДЖәРеи рнапхгаҩцәа ауаа ралгара иалагеит, азеиԥш ҽеизыкра рыларҳәеит. Ареспубликақәа рхаҭарнакцәа изныкымкәа аҳәамҭақәа ҟарҵахьан ахымца аанкыларазы иҟаз аиқәшаҳаҭра Киев ишеиланагоз. Жәабран 19 азы ДЖәРеи ЛЖәРеи рхадацәа Урыстәыла ахада иахь аҳәара ҟарҵеит рхьыԥшымра азхаиҵарц.
Жәабран 21 азы Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара ашьҭахь Урыстәыла ахада Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра шазхеиҵо азы Аусԥҟа инапы аҵаҩит. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа аминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭала, Донбасс ареспубликақәа азхаҵоуп рзинмч ахархәара ахьамоу аҳәаақәа ирҭагӡаны.