Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

ЕААР (УЕФА) ачемпионцәа Рлига афинал Санкт-Петербург аҟынтәи Парижҟа иианагеит

Афиналтә хәмаррақәа мҩаԥгахоит лаҵара 28 азы Сен-Дени астадион "Стад де Франс" аҟны.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 25- Sputnik. Европатәи ашьапылампыл ассоциациақәа Реидгыла (УЕФА) ачемпионцәа Рлига афинал Санкт-Петербург аҟынтәи Парижҟа иианагеит ҳәа аанацҳауеит аиҿкаара асаит.
Санкт-Петербург афинал аднакылараны иҟан 2020-2021 шықәсқәа рсезон азы аха аамҭа еиҭакын акоронавирус апандемиаз.

"Франциа аиҳабыра рыдгыларала ЕААР иалшо зегь ҟанаҵоит арыцҳара ду иҭашәаз Украина иҟоу ашьапылампыл асыҩцәеи урҭ рҭаацәарақәеи реиқәырхаразы", - ҳәа аҳәоит ЕААР аҳәамҭаҿы.

Аԥшьаша ашьыжь Урыстәыла ахада Владимир Путин ателехәаԥшрала алаҳәара ҟаиҵеит Донбасс арратә аоперациа ҷыда ишалаго азы. "Аҭагылазаашьа хырԥашьа змам, заамҭа гатәым ахымҩаԥгашьа ҳаднаҵоит. Донбасс жәлар рреспубликақәа ацхыраараз Урыстәыла иаҳәеит ", - иҳәеит иара.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҟны ирҳәеит, аҭынч уааԥсыра ишрыламкьысуа атәы. Иазгәарҭеит, аруаа русура шеиԥдырҟьо, арратә инфраструктура, аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа, арратә ҳаирбаӷәазақәа шракәу ааха зырҭо.