Аԥсны

Аԥсны АҶА аусзуҩцәа ашьхараҿы 16-ҩык ашәарыцаҩцәа еиқәдырхеит

Ашәарыцаҩцәа ргәыԥ ахьыҟаз аҭыԥ ҿахнаҵәеит иӡхыҵыз аӡиас Мцага.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 25 – Sputnik. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа ашьха Ҳабҩы иахьаҵанакуаз иӡхыҵыз аӡиас Мцага иҽԥыннакылаз 16-ҩык ашәарыцаҩцәа еиқәдырхеит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аԥсны АҶА аԥшаара-еиқәырхаратә гәыԥ жәабран 24 асааҭ 22:00 аза Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭа иаҵанакуа аҳабла Ҳабҩыҟа амҩа иқәлеит.
Арыцҳара иақәшәаз ашәарыцацәа атранспорт ҷыда ала аӡы ирган.