Аԥсны

Аԥсны Апарламент актәи аԥхьарала амилаҭ-хақәиҭратә ҵысразы азакәан аднакылеит

Ашәҟәы ишьақәнаргылоит амилаҭ-хақәиҭратә ҵысра иалахәыз зинлеи економикалеи рыхьчара "ажәлар рыҟны раҳаҭырбара, аԥсҭазаара бзиа рзаԥҵара".
Sputnik
АҞӘА, жәабран 25 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа актәи аԥхьарала амилаҭ-хақәиҭратә ҵысразы азакәан рыдыркылеит.

Азакәан аҿы иарбоу асоциалтә хәдықәҵарақәа ирыҵаркуеит Аԥсны атәылауаа, аҳәаанырцә тәылауаа, атәылауаҩра змам ахаҿқәа - 1931, 1947, 1956, 1967, 1978, 1980, 1989, 1991 шықәсқәа рзы амилаҭ-хақәиҭратә ҿагылара ралахәхараан инвалидцәахазар, СССР аганахь ала ашьауӷатә ашьҭазаара роузар.

Иара убас, азакәан иаҵанакуеит амилаҭ-хақәиҭратә ҵысра иалахәыз иҭахаз ма хабарда ибжьаӡыз рҭаацәа. Арахь иаҵанакуеит ахаҵа ма аԥҳәыс аҽа знык хаҵа имцаз ма ԥҳәыс даазымгаз, зықәра намӡац рыхшара ма истудентцәоу рыхшара, ан, аб, анду, абду урҭ ныҟәызго дыҟамзар.
Еиқәыԥхьаӡоу ахаҿқәа азакәан инақәыршәаны абарҭ асоциалтә хьчарақәеи адгыларақәеи роуеит:
Атәанчахәқәа, ашәарацҵақәа рызшәара, асоциалтә цхыраара;
Ахәра зауыз, ихәахәаз, ичмазаҩхаз актәи агәыԥ аинвалидцәа анхарҭа аахәара ма арҽеирақәа азуразы афинанстә цхыраара рыҭара, анхарҭаҭыԥ рыҭара;
Анхарҭаҭыԥ аргыларазы адгьыл рыҭара;
Гәаранда ахәшәтәырҭа рышьҭаҵара;
Гәаранда, хәыдаԥсада ателефон рзықәыргылара.
Афымцалашара, аӡы, аҩнтәи аҭел рыхәԥса ҟынтә 50% ашәара;
Актәи агәыԥ иатәу аинвалидцәа аҳәынҭқарра аҟынтә аԥыжәара ҟазшьа аманы анхарҭаҭыԥ рыҭара;
Актәи агәыԥ аинвалидцәа асанаториақәа рахь амҩақәҵагала реиқәыршәара;
Актәи агәыԥ иатәу аинвалидцәа Аԥсны аҩнуҵҟеи анҭыҵи зыхә ршәо амедицинатә цхыраарақәа рыҭара.
Азакәан амчра аиуеит иара аҵыхәтәантәи аԥхьарала ианрыдыркылалак, официалла ианыркьыԥхьлак ашьҭахь.