Аԥсны

Аԥснытәи акапелла Шәача имҩаԥысуа Иури Башмет иубилеитә фестиваль аҿы иқәгылеит

Иури Башмет ифестиваль - ари Урыстәыла зымҿхак ҭбаау акультуратә хҭысуп аӡынтәи аамҭазы. Иара иаҭаауеит адунеи аеҵәахәқәа, хыԥхьаӡара рацәала атуристцәеи ажурналистцәеи.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 25 – Sputnik. XV-тәи жәларбжьаратәи аӡынтәи Иури Башмет ифестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит урыстәылатәи ахортә капеллақәа хԥеи аԥсуа хортә капеллеи злахәу "Бориси Глеби рзы аҳәамҭа" аопера аԥхьарбаратә қәгылара ҳәа аанацҳаит Аԥсны акультура аминистрра.
Аԥсны
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә ахортә капелла арепертуар амҳаџьырқәа рзы ареквием ала ихарҭәаахеит
"Ҳара ҳзы даара акраҵанакуеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә капелла Чайковски ихортә опера " Бориси Глеби рзы аҳәамҭа" анагӡара алахәхара. Ауснагӡатә мҩаԥысуеит XV-тәи жәларбжьаратәи аӡынтәи Иури Башмет ифестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны", - ҳәа Москва аиҳабыра рпремиа алаурет, адирижиор Александр Соловев иажәақәа аминистрраҿы еиҭарҳәоит.
Соловев иажәақәа рыла, аопера адунеитә ԥхьарбара, Аԥснытәи акапелла алархәны имҩаԥган 2020 шықәсазы, ахьӡ дугьы аман.
"Шәара шәалахәрала арҿиамҭа аиҭанагӡара ақәҿиара ду аман. Сақәгәыӷуеит ԥхьаҟагьы ҳарҿиаратә еиныррақәа ирыцҵахап ҳәа" - иҳәеит адирижиор.
Жәабран 16-27 рзы Шәача имҩаԥысуеит XV тәи жәларбжьаратәи аӡынтәи Иури Башмет ифестиваль.