Ҟәыбина Украина аганахь ала иааз ахеиҵаҵа ԥжәеит

Аӡәгьы ԥырхага имоуит, иҟалаз шыҟалаз аҭҵаара иаҿуп.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 25- Sputnik. Ҟәыбан Украина аганахь ала иааз ахеиҵаҵа ԥжәеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АшәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аҳәаахьчаратә усбарҭа.
"Жәабран 24 асааҭ 12.10 рзы Урыстәыла АшәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа Краснодартәи атәылаҿацә, Еитәи араион, аиланхарҭа Широченка аҿы Украина аганахь ала иааз ахеиҵаҵа шԥжәаз азгәарҭеит. Аԥсыҭбара ҟамлаӡеит. Азинхьчаратә усбарҭақәа иҟалаз аҭҵаара мҩаԥыргоит" ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Обстрел Российской территории
Урыстәыла ахада Владимир Путин ателехәаԥшрала алаҳәара ҟаиҵеит Донбасс арратә аоперациа ҷыда ишалаго азы. "Аҭагылазаашьа хырԥашьа змам, заамҭа гатәым ахымҩаԥгашьа ҳаднаҵоит. Донбасс жәлар рреспубликақәа Урыстәыла ацхыраара иаҳәеит", - иҳәеит иара. Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит, иҟалар зылшо ашьакаҭәараз иахьатәи украина анапхгара ишырхароу. Путин украинатәи аруаа рахьгьы ааԥхьара ҟаиҵеит украинатәи анапхгара иҟарҵо ацәгьоуратә дҵақәа нарымгӡарц, рабџьар шьҭаҵаны рыҩныҟақәа ицарц.
Украина аҳаиртә хыхьчаратә хархәагақәа ҭархоуп, аҳаирбазақәа ринфраструктура шьаҽуп ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра. Аминистрраҿы ирҳәеит аҭынч уааԥсыра ԥырхага шрымам. Анаҩс иҳәан украинатәи аҳәаахьчаҩцәа ҿагылара шыҟарымҵо, аҳәаанырцәтәи АИХқәа урыстәылатәи аҳаирплан каҳаит ҳәа иаладырҵәо аинформациа шымцу.