Путин арратә аоперациа ада ԥсыхәа ыҟамызт ҳәа ахиҳәааит

Жәабран 24 ауха Урыстәыла ахада абизнес ду алахәылацәа дырԥылеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Украина имҩаԥысуа арратә аоперациа ада ԥсыхәа ыҟамызт ҳәа ахиҳәааит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Иахьазы имҩаԥысуа – ада ԥсыхәа ыҟамкәа ҳҭадыргылеит. Уаҳа ҽа мҩак ҳзаанырмыжьӡеит. Ҳшәарҭадара убасеиԥш иҭадыргылеит аҽакыла уазымнеиртә аиԥш", - ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада абизнес ду алахәылацәа дырԥыло.

Ахада иҳәеит Урыстәыла ацәыӡқәа зегьы ишрызхәыцуаз.
Путин иҳәеит аԥкрақәа ҟалоит, аха Урыстәыла аекономикатә партниорцәа атәыла жәларбжьаратәи афинанстә система иалрымгароуп ҳәа.
Иазгәеиҭеит, Урыстәыла адунеитә економика иахәҭакны ишаанхо, изыхәҭаку асистема цәгьара шазнамуа.
Путин Донбасс арратә операциа ҷыда иалагоит ҳәа алаҳәара ҟаиҵеит
"Сгәы иаанагоит, ари ас шакәу ҳҩызцәагьы еилыркаароуп, насгьы ари асистема ҳалгарагь рҽазырымшәароуп. Ус шакәугьы аполитикатә знеишьала аԥкрақәа ҟалашт", - иҳәеит Путин
Урыстәыла ахада Владимир Путин ателехәаԥшрала алаҳәара ҟаиҵеит Донбасс арратә аоперациа ҷыда ишалаго азы. "Аҭагылазаашьа хырԥашьа змам, заамҭа гатәым ахымҩаԥгашьа ҳаднаҵоит. Донбасс жәлар рреспубликақәа ацхыраараз Урыстәыла иаҳәеит ", - иҳәеит иара. Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит, иҟалар зылшо ашьакаҭәараз иахьатәи украина анапхгара ишырхароу. Путин украинатәи аруаа рахьгьы ааԥхьара ҟаиҵеит украинатәи анапхгара иҟарҵо ацәгьоуратә дҵақәа нарымгӡарц, рабџьар шьҭаҵаны рыҩныҟақәа ицарц.