АҞӘА, жәабран 26 – Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Афотоеиндаҭлара аиҿкааҩ хада Фаина Кондратиева аусмҩаԥгатә аартуа иазгәалҭеит аицлабра хықәкыс ишамоу Аԥсны иқәынхо ауааи уи асасцәеи иҭырхыз афотосахьақәа ганрацәала иахьатәи ҳтәыла аԥшӡара аарԥшра, урҭ рылаԥшҳәаала Аԥсны шырбо атәы.
"Афотоеиндаҭлара "Абхазия в фокусе", аҟазаратә еицлабра "Араӡны калам" еидызкыло акакәны иҟоуп аибашьра атема, уи аҭоурых", - лҳәеит лара.
Аицлабра "Абхазия в фокусе" аветеран ипортреҭ аҿы аиааира згаз ажурналист, арадио Sputnik амҩаԥгаҩ Лана Аԥшьлааԥҳа Аԥсны атәылахьчара аминистрра "Аԥсны аҭынчра ахьчаразы" амедал ланаршьеит. Лфотосахьаҟны даарԥшын Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Зураб Аԥшьлаа.
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аиндаҭлара "Араӡны калам" аҟны рхы аладырхәит аибашьра аветеранцәа рхаҭақәагьы, урҭ ргәалашәарақәа ирзааҭгылеит. Аӡбаҩцәа иреиӷьу ажәабжь алыркаауан. Убас ари аицлабраҟны рхы ԥыршәон аҿар-алахәылаҩцәа ажәеинраала исахьаркны аԥхьаралеи, рхатә ҩымҭақәа рӡыргаралеи. Араҟа аиааира даԥсахеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымадаразы аҳәынҭқарра ахада иабжьгаҩ Рисмаг Аџьынџьал. Исахьаркны ажәеинраала аԥхьараҟны аиааира лгеит Гьемуаԥҳа Сырма.
"Аԥсны аҭынчра ахьчаразы" амедал ланаршьеит аицлабра "Араӡны калам" аиҿкааҩцәа ируаӡәку Саида Хаџьымԥҳа.
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҳаҭыртә рҽхәаԥхьыӡқәа ранашьан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа "Леон иорден" занашьоу Алықьса Ломиа, Рамаз Џьапуа, аветеранцәа Роман Парулуа, Ҭемыр Голанӡиа, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Шьербухов Леонид.
Аԥсны атәылахьчара аминистрра аҳаҭыртә бӷьыц ианаршьеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, "Леон иорден" занашьоу, мраҭашәаратәи арратә корреспондент Рамин Қаџьаиа.
Аҳаҭыртә бӷьыц ианашьан асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа аицлабра "Аветеран ипортреҭ" аҟны адгылара ахьриҭаз азы.
Аԥсны атәылахьчара аминистрра аҳаҭыртә бӷьыц ианаршьеит Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, "Леон иорден" занашьоу, мраҭашәаратәи арратә корреспондент Рамин Қаџьаиа.
© Sputnik / Томас Тхайцук
Иара убас, аҳаҭыртә бӷьыцқәа ранашьан В. Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аиҳабы Мзиа Беиаԥҳаи, аицлабра аиҿкааҩ хада Фаина Кондратиевеи, аицлабра аӡҩбаҩ хадацәа зегьи.
Афотоеицлабра "Абхазия в фокусе" раԥхьаӡа иаартын ԥхынҷкәын 25, 2019 шықәсазы. Уи аахыс имҩаԥыргахьеит х-еицлабрак , уи аамҭа иалагӡаны рхы аладырхәхьеит Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи Урыстәыла ақалақьқәа быжьба рҟынтәи 130-ҩык ауаа.