Аԥсны

Гагра араион ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи ашәахьа инаркны русура хацдыркуеит

Гагра араион аҟны аԥкрақәа алагалан жәабран 1 инаркны. Аҵараусбарҭақәа акарантин ишьҭын акоронавирус чымазара аизҳара иахҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 26 – Sputnik. Гагра араион аҵараусбарҭақәа акарантин ашьҭахь русура хацдыркуеит ашәахьа жәабран 28 азы, абри атәы аанацҳауеит Гагра акурорт Facebook адаҟьаҿы.
Гагра араион ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи акарантин иҟан мызкы - ажьырныҳәа 31 раахыс, ари аамҭа иалагӡаны аԥкрақәа рыҽҳәара акырынтә инахахьан. Аҟәеи Аԥсны егьырҭ араионқәеи рыҟны аҵара хацыркын жәабран 18 азы.
Аоперштаб адыррақәа рыла, жәабран 25 азы, аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 51 618 -ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 44 789 -ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 648-ҩык.