26 шықәса ҵуеит Руслан Қапба апацхақәа рыргылара аус дыҿуижьҭеи. Иара еиҭеиҳәеит иус аҿар шадиԥхьало.
"Аԥацха зышҭа иҭагылазар зҭаху рацәаҩуп, аха аҟәрышь мыжда рымаӡам. Ԥацхак аҟаҵаразы амаҭәахә мацара 200-250 нызықь мааҭ агоит. Зны-зынла иаҿазҵо амаҭәахә ихаҭа ианааиго ыҟоуп. Излаҳшышуа еиҳарак ахәажә быца алоуп. Егьыс иара ахаҭа ахьа иалҳхуан, аха уи аиура цәгьахеит ахәгьы бааԥсхеит. Ԥацхак аҟаҵара хымз уагоит, гәык-ԥсыкала аус адулозар", - ҳәа еиҭеиҳәеит Каԥба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.