"Аибашьра ицо ҳара ишаҳныпшуа макьана еилкааны иҳамаӡам. Ицәгьоуп атуристцәа раара атәы шыҟало ахцәажәара. Иахьазы аҭыԥ аҿаҵарақәа шцац ицоит. Азҿлымҳара шамац иамоуп Аԥсны, уи аҩаӡара млаҟәӡеит. Хәажәкыратәи аԥсшьарамшқәа рзы иаауа рхыԥхьаӡара маҷхоит ҳәа сгәы иаанагоит, избанзар аҳаирбаӷәазақәа аркуп, ауаа шәоит. Ҳгәыӷуеит аҭагылазаашьа ҭышәынтәалахап ҳәа", - азгәалҭеит Маланиаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.