Аԥсны

Амҩатә фонд: аидарамҩангагеи аекскурсиеи ртранспорт азы аизгақәа алагалазар ахәҭоуп

Аԥсны амҩатә фонд 2022 шықәсазы алагалатә аныхратә биуџьет ишьақәнаргылоит 115 миллион мааҭ.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. Аԥсны аекономика аминистрра Амҩатә фонд ажәалагалақәа ирыхәаԥшраны иҟоуп ашәахтәқәа рыцҵаразы ҳәа Sputnik аҿы иҳәеит афонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Витали Ҵәыџьба.
Ҵәыџьба иҳәеит арахь иаҵанакуа амҩатә инфраструктура ахархәара иатәу шәахтә-хкқәак роуп ҳәа. Иаҳҳәап, ареспубликаҿ аҭаҩра змамкәа Аԥсныҟа иалало автомашьынақәа рҟынтәи.
"Автомашьынатә мҩақәа рхархәаразы ашәахтә" ма "амҩатә еизгақәа" ҳәа ззуҳәар ҟало ашәахтәқәа рзы ажәалагала ҟаҳҵеит. Ари зыԥҵәа дуум – транспортк аҟынтәи100 ма 200 мааҭ ракәхоит. Аха аекономика аминистрра аидарамҩангагеи аекскурсиатә машьынақәеи рзы мацара иақәшаҳаҭхеит ҳәоуп ишыздыруа", - ҳәа иҳәеит иара.
Ахатәы транспорт арныҟәаҩцәа рзы макьана цәажәара ыҟам ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсны Аиҳабыреи Апарламенти Амҩатә фонд ажәалагалақәа ирықәшаҳаҭхар аиҿкаара абиуџьет ахь шықәсык аҩнуҵҟа алагала 300-350 миллион мааҭ иацлон иҳәеит Ҵәыџьба.
Иара игәаанагарала, арҭ аԥарақәа Амҩатә фонд аинфраструктураҿ имҩаԥгатәу аусурақәа рзы ихәарҭахон.