"Асоциалтә ҳақәа рҿы еиҳарак апропагадеи аидеологиеи роуп иубо. Иҟам ианым аинформациа ҳасабала иҭарҵоит. Ицәгьоуп аҭагылазаашьа шыҟоу еиԥш иубаратәы, иуаҳаратәы иҟалартә еиԥш. Сара аиаша збарцаз аҳәаанырцәтәи аинтернет саитқәа рҿы сахәаԥшуеит, нас урыстәылатәиқәа рҿы, анаҩс ибжьаратәу алкаахьы иназгоит исоуз адыррақәа. Аурыс ар Украина иахьалоу дара рхатәы аоператорцәа рымаӡам, убри азы аинформациа аганахьала ихьысҳауп. Аҭыхымҭақәа зегьы Украина инхо роуп иҭызхуа, аус адуланы, аинтернет иҭарҵоит. Убри аганахьала, Урыстәыла иаҵахошәа збоит аинформациа иаша анагараҿы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҳашыг.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.