Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳагба Урыстәылеи Украинеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа ирызкны

Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҿы Урыстәыла –украинатәи аиҿцәажәарақәа рхацыркра ахҳәаа аиҭеит, игәаанагарала урҭ Белоруссиа изымҩаԥысуа атәы дазааҭгылеит.
Sputnik
Урыстәыла –украинатәи аиҿцәажәарақәа цоит Белоруссиа, Гомельтәи аобласть аҿы.
"Аиҿцәажәарақәа традициала имҩаԥысуеит Белоруссиа. Аибырхарра аформа анаанахәалак, Украинеи Урыстәылеи рыбжьара, Белоруссиа еснагь аҭынчра аганахьала иқәгылон. Аԥыжәара змоу иалнахуеит аиҿцәажәар аахьымҩаԥысуа аҭыԥ. Иахьа аԥыжәара змоу Урыстәылоуп", - ҳәа иҳәеит Ҳагба.
Аполитолог иажәақәа рыла, Украина даҽа политикатә шьақәгылара аиуеит.
"Уи иҟалоит хара имгакәа. Амчраҿы инеиуа ибзиан изыҟазаауеит Урыстәыла аганахьала. Урҭ ирыӡбароуп Донецки Лугански разхаҵара азҵаара, Ҟрым уажәшьҭа Урыстәыла ишатәу рыдыркылароуп, анаҩс Украина аганахьала Аԥсны азхаҵара азҵаарақәа цәырҵыр ҟалоит", - ҳәа иҳәеит Ҳагба.
Урыстәылатәи аделегациа напхгара аиҭоит атәыла ахада ицхырааҩ Владимир Медински.
Украинатәи аделегациа иалахәуп: Атәылахьчара аминистр Алексеи Резников, аполитикатә партиа "Слуга Народа" аиҳабы Давид Арахамиа, Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Николаи Точицки, ахада Иофис аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Михаил Подолиак, адепутат Рустем Умеров, аинырратә гәыԥ аҿы украинатәи аделегациа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Андреи Костин.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.