"Ҳазлахәаԥшуа ала аҿкчымазараз аҭагылазаашьа хәыҷык иҭышәантәалеит. Иҳаҩсыз амчыбжь иалагӡаны ҿыц ичмазаҩхеит Аҟәеи Аҟәа араиони иахьаҵанакуа 515-ҩык ауаа. Уаанӡа мчыбжьык иалагӡаны 663-ҩык ирыхьуан, урҭ рҟынтә адуцәа 625-ҩык ыҟан, ахыҷқәа 38-ҩык. Хәыҷык ҳгәы зҟажо ак ыҟоуп, ашколқәа аус шыруагьы иҭынчрахеит ҳәа ҳгәы иаанагоит. Уажәраанӡа иаркыз Аҟәатәи аҩбатәи ашколгьы иахьа инаркны аусура иалагеит. Уажәы аҳҭнықалақь аҿы ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи знгьы аус руеит", - ҳәа еиҭалҳәеит Воуԥҳа.
Аҟәа ақалақь агәабзиарахьчара аусбарҭа аиҳабы лажәақәа рыла есыҽны 40-ҩык рҟынӡа аҳҭнықалақь аҿы алаҵа ҟарҵоит. Спутник-лаит ааргеижьҭеи 464-ҩык иҟарҵахьеит.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.