Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Гергиев Миунхентәи афилармониатә оркестр аҟны иусура дамырхит

Гергиев Миунхентәи афилармониатә оркестр напхгара аиҭон 2015 шықәса аахыс.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik. Гергиев Миунхентәи афилармониатә оркестр аҟны иусура дамырхит Урыстәыла Украина имҩаԥнаго аусқәа рзы позициак ахьаанимкылаз азы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости DPA адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Ииасыз ахәашаз Раитер аҳәамаҭ ҟанаҵеит урыстәылатәи амузыкант "ашәахьанӡа ипозициа аназгәеимҭа дирижиор хадас дзыҟалом", - ҳәа.

Уи аԥхьа, Прагатәи афилармониа Валери Гергиев иконцертқәа мап рыцәнакит.