Аԥсны

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз аԥырҩцәа ҩыџьа рбаҟа еиҭашьақәдыргылеит

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи, Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аицџьынџьуаа Реидгыла, Аҟәа араион ахадара рыцхыраарала абаҟа еиҭашьақәдыргылеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аԥырҩцәа– алеитенант Евгени Доброви акапитан Алексеи Гончарови еиҭашьақәыргылоу рбаҟа аадыртит Алада Ешыра жәабран 28 азы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи, адиректор лхаҭыԥуаҩ Николаи Медвенски.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз аԥрыҩцәа ҩыџьа рбаҟа еиҭашьақәдыргылеит
Алахьеиқәратә усмҩаԥгатә алагамҭаз уи иалахәыз – Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аусзуҩцәеи, Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аицџьынџьуаа Реидгылеи, Аҟәа араион ахадареи, аибашьреи аџьеи Рреспубликатә еидгылеи рхаҭарнакцәеи, Аԥсны арра аҳаиртә мчқәа рыԥырҩцәеи раԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Владислав Арӡынба ибаҟа аҿаԥхьа. Анаҩс дара неит Асовет еидгыла аԥырҩцәа Евгени Доброви Алексеи Гончарови анышә иахьамадоу аҭыԥ ахь.
Еизаз аԥсшәа раҳәо Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи адиректор лхаҭыԥуаҩ Николаи Медвенски иазгәеиҭеит амузеи анапхгаҩы, Аԥсны Афырхаҵа Мзиа Беииаԥҳа лнапхгарала амузеи аколлектив акыршықәса Аԥсны иҭахаз аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рыхьӡ акамыршәразы аусура ду шымҩаԥырго. Гәахәарыла адгылара шрырҭаз урыстәылатәи аицџьынџьуаа Реидгыла алахәылацәа ари аус аҿы.
Мчыбжьык аҩнуҵҟа иԥсахын анышәынҭра акәырша, ахаҳәҟьаԥс, аҵакыра еилырган. Николаи Медвенскии агәыӷра ааирԥшит Алада Ешыратәи ашкол аҵаҩцәа ари аҭыԥ ԥхьаҟа ахылаԥшра арҭалап ҳәа.
Иҭахаз аибашьцәа рыжырҭақәа хылаԥшра рыҭара, урҭ рыхьӡ акамыршәра ихадоу усуп, убри азы аԥхьаҟагьы ари аус иацҵахоит.
1 / 3

Добров Евгени Николаи-иԥа

2 / 3

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз аԥрыҩцәа ҩыџьа рбаҟа еиҭашьақәдыргылеит

3 / 3

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз аԥрыҩцәа ҩыџьа рбаҟа еиҭашьақәдыргылеит

Евгени Добров 1939 шықәса жьҭаармза инаркны Серов ихьӡ зху Аҩада-Кавказтәи арратә округ Батаитәи арратә авиашколаҿ аԥырҩы –инструкторс дыҟан. 1942 шықәсазы азвено акомандаҟаҵаҩыс дҟаҵан. Иара убри ашықәс азы Аахыҵ Кавказтәи афронт акомандаҟаҵара рыдҵала алеитенант ичын иҭаны арратә комиссарс днашьҭын 68-тәи анырҵәаратә авиациатә полк аҩбатәи аескадрилиахь.
Цәыббра 21 1942 шықәсазы аескадрилиа аӷа ианиабашьуаз Добров иҳаирплан анемец зениттә артиллериала икарыжьит. Аԥырҩы усҟан атәара илшеит, аха анаҩс имаз ахәрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит.
Алексеи Гончаров – Асовет ԥырҩы – ажәылаҩ. 1941-1945 шықәсқәа рызтәи аибашьара алахәыла. 812-тәи анырҵәаратә авиациатә полк далахәны деибашьуан. Ианашьан амедал "Берлин агаразы". Аԥышәа змаз аибашьҩы аибашьра ашьҭахьгьы ар рҿы даанхеит. Дызлаз архәҭа Алада Ешыра игылан. 1953 шықәсазы дҭахеит.