Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Белоруссиа аҳауаҿагыларатә хархәагақәа аҽазыҟаҵара рыҭоуп

Белоруссиа ахада иазгәеиҭеит итәыла Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә операциа ишалахәым иагьшалахәымхәо.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Белоруссиа ахада Александр Лукашенко аҳәамҭа ҟаиҵеит атәыла аҳауаҿагыларатә хархәагақәа аҽазыҟаҵара рыҭоуп, аурысқәа рымчрақәа рыбӷахьала ааха рмоурц ҳәа аанацҳауеит Sputnik Беларусь.

"Атәылахьчара аминистр адырра сиҭеит мраҭашәаратәи аҳәааҿы хә-баталионк рыла ишырӷәӷәоу азы", - ҳәа иҳәеит иара Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы.

Белоруссиа ахада иҳәеит Урыстәыла акәымзар аракетақәа Гомель ма Мозырь иҟазаауан ҳәа.
Лукашенко иазгәеиҭеит, мраҭашәаратәи апартниорцәа рҟынтәи апровокациақәа урзыԥшызароуп - "аполитикаҿ, аекономикаҿ ма арра аусхк аҿы" ҳәа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Атәылахьчара: Урыстәыла Киев ахымҩаԥгашьа иацыз ашәарҭара аҵыхәтәа ԥнаҵәоит