Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Mastercard асанкциақәа инарыдҳәаланы финанстә еиҿкаарақәак аус рыцура ааннакылеит

Аԥарашәаратә система аумҭа Мраҭашәаратәи атәылақәа Урыстәыла иадҟарҵалаз асанкциақәа ирыдҳәалоуп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik. Аилахәыра Mastercard аҳәамҭа ҟанаҵеит асанкциақәа инарыдҳәаланы афинанстә еиҿкаарақәак аус рыцура шааннакыло азы.

"Асанкциақәа рзы аӡбрақәа инарыдкыланы афинанстә институтқәак аԥарашәаратә ҳа Mastercard аҿаҳхит", - ҳәа азгәаҭоуп акьыԥхьымҭаҿ.

Аҳәамҭаҿ иазгәаҭоуп аилахәыра аҳәаақәҵаратә усбарҭақәа аус шрыцнауа ахыдҵақәа рынагӡаразы.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Евроеидгыла Урыстәыла Абанк иадҟанаҵалаз асанкциақәа амчра роуит
Абас ала, аԥкрақәа ирыҵаркуа абанкқәа рԥарашәаратә хсаалагақәа аҳәаанырцәи аинтернет-дәқьанқәеи рҿы рымаҵ ауӡом.
Убри аан Урыстәыла аҩнуҵҟа уадаҩра ҟалом атранзакциақәа Амилаҭтә ԥарашәаратә системала иахьымҩаԥысуаз.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
RT-и Sputnik-и Евроеидгыла аҵакыраҿы русура ԥкхоит