Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Пушилин: атҟәацәа фатәылеи-жәтәылеи медицинатә цхырааралеи еиқәыршәоуп

Жәабран 28 азтәи адыррақәа рыла ДЖәР аруаа 18 еиланхарҭа рнапахьы иааргахьеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik. Украинатәи атҟәацәа фатәы-жәтәлеи медицинатә цхырааралеи еиқәыршәоуп ҳәа иҳәеит ДЖәР ахада Денис Пушилин "Соловьев Live" аефир аҿы.
Иара иҳәеит ДЖәРи Урыстәылеи рганахь ала атҟәацәа ҳаҭырла ишрызныҟәо.

"Абџьар шьҭазҵаз зегьы рыҩныҟақәа иҳархынҳәуеит аҭагылазаашьа шааилгалак, уаҳа иаҳҿагыланы ишымеибашьуазы ашәҟәы рнапы ананырҵалак. Иахьазы дара зегьы фатәы-жәтәлеи медицинатә цхырааралеи еиқәыршәоуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Пушилин иажәақәа рыла, зыҽрызҭаз украинатәи аруаа шәҩыла рхыԥхьаӡара ыҟоуп.
"Зықьҩыла ҳәа сҳәом, шәҩыла рхыԥхьаӡара ыҟоуп ара - Донецктәии Лугансктәии ареспубликақәа рҿы", – иҳәеит иара.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла ашәахьа ашьыжь 1,1 нызқь хыбра рхәашоуп: аҳаиртә баӷәазақәа, ар рнапхгаратә ҭыԥқәа, арадиолокациатә станциақәа. Хылаԥшра рырҭоит Чернобыльтәи Запорожиатәи АЕСқәа. Аа-шықәса рышьҭахь Аҩада-Ҟрымтәи аканал ала Ҟрымҟа аӡы неиуа иҟаҵоуп. Ажәыларақәа еиуиеԥшым ахырхараҭқәа рыла имҩаԥысуеит, Украина ажәҩантә ҵакыра аҳаиртә мчрақәа рнапаҿы иҟоуп.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ДЖәР: амилаҭеилыхыҩцәа украинатәи атехника иақәланы урыстәылатәуп ҳәа рыларҳәоит