Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Зеленски Урыстәылеи Украинеи реиҿцәажәарақәа аҩбатәи рраунд дахцәажәеит

Жәабран 28 рзы Урыстәылеи Украинеи рделегациақәа реиҿцәажәара мҩаԥысит Белоруссиа аҵакыраҿы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Украина ахада Владимир Зеленски аҳәамҭа ҟаиҵеит Киев аделегациа ахынҳәра ашьҭахь аиҿцәажәарақәа анализ рзыҟанаҵоит, аҩбатәи араунд амҩаԥгара иазхәыцуеит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Аделегациа Киевҟа ианыхынҳәлак иҳарҳәо анализ ҟаҳҵап, иҭаҳҵаап, нас аҩбатәи араунд ахь ишиастәу ҳаӡбап", - ҳәа иҳәеит Зеленски авидеоааԥхьараҿы.
Иара иҳәеит Урыстәыла апозициа шазгәанаҭаз. Украина аҭактә жәалагалақәа шыҟанаҵаз.
"Украинеи Урыстәылеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа актәи рраунд мҩаԥысит. Макьаназ лҵшәа дук ыҟам", - ҳәа иҳәеит Зеленски.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылеи Украинеи реиҿцәажәарақәа хыркәшоуп
Жәабран 28 рзы Урыстәылеи Украинеи рделегациақәа реиҿцәажәара мҩаԥысит Белоруссиа аҵакыраҿы. Уаанӡа Владимир Зеленски Иофис аҳәамҭа ҟанаҵахьан аиҿцәажәараҿы ихадоу аибашьра аанкылареи ар Украина аҵакыра ралгареи роуп ҳәа.