Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Googlе амаҵзура МИА "Россия сегодня" аматериалқәа дырбара армаҷит

Донбасс ахьчаразы аоперациа ҷыда иалагазар, мраҭашәаратәи атәылақәеи аилахәырақәеи Урыстәыла асанкциақәа ақәырҵеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik. Амаҵзурақәа Googlе Discover, Google News МИА "Россия сегодня" аматериалқәа дырбара дырмаҷит, амедиагәыԥ ари цензуроуп ҳәа иашьеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Google Discover, Google News МИА "Россия сегодня" аматериалқәа дырбара дырмаҷит. Ҳара ари цензуроуп ҳәа иаҳшьоит, аинформациа дара ишырҭаху ахырхарҭа арҭоит ҳәа иҳаԥхьаӡоит", - ҳәа аҳәоит амаҵзура аҳәамҭаҿы.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Google Meta рдаҟьақәа рҟны урыстәылатәи АИХқәа рӡыргаразы азин рымырхит
Уаанӡа Google-и Meta-и рыплатформақәа рҿы урыстәылатәи аҳәынҭқарратә АИХқәа, РИА Новости-гьы арахь иналаҵаны рматериалқәа рынкылара рҽазыршәеит.
"Россия сегодня" – жәларбжьаратәи гәыԥуп, адунеи аҿы иҟалоу ахҭысқәа оперативла иаанарԥшуеит, ирыхцәажәоит. "Россия сегодня" аҳәаанырцәтәи аинформациатә ресурсқәа - жәларбжьаратәи амаҵзура, арадио Sputnik, Урыстәыла – РИА Новости, Прайм, ИноСМИ, Украина.ру, Baltnews, ТОК.
"Россия сегодня" ажәабжьқәа шәрыԥхьарц, иагьшәаҳарц шәылшоит ателеграм-канал "Зубовский, 4" аҿы.