Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

ДЖәР арратә мчрақәа Мариуполь амацәаз иҭаркит

Донбасс ахьчаразы арратә операциа ҷыда амҩаԥысраан Урыстәыла арратә мчрақәа хырхарҭа рацәала ицоит. Уажәазы Киев мраҭашәаратәи аган ала амацәаз иҭакуп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik. ДЖәР Жәлар рмилициа аофициалтә хаҭарнак Едуард Басурин ателеканал "Россия 24" аефир аҿы иҳәеит Мариуполь амацәаз иҭакуп ҳәа.
"Ишазԥхьагәаҭаз аиԥш зегь мҩаԥысуеит. Мариуполь амацәаз иҭакуп. Ар ԥхьаҟа ицалоит. Ауаа ахьынхо аҭыԥқәа рылахысра аанкылахоит, ҳара ҳҿы еиԥш Луганскгьы", - иҳәеит Басурин.
Иара иазгәеиҭеит, мышқәак рыла ишеилкаахо Мариуполь иҟоу аҭагылазаашьа шыҿиало. Дақәгәыӷуеит аиҿцәажәаратә процесс иалагап ҳәа.
"Аӷа иабџьар шьҭеиҵарц иабжьаагоит. Иҽҳаиҭарц ма ақалақь далҵырц аҭынчуааԥсыра ԥырхага рмоурц", - иҳәеит Басурин.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Аоперациа ҷыда иалагеижьҭеи Лугансктәи Жәлар рмилициа 40 еиланхарҭа ҭыԥ рхы иақәиҭыртәит
Иара игәаанагарала, Мариуполь агуманитартә рыцҳара ҟалар алшоит – алашара, аӡы, афатә-ажәтә ҟамлар ауеит. Аҭынч ааԥсыра ԥырха рмоурц азы агуманитартә коридор рыҭатәуп ҳәа иҳәеит.
"Украинатәи амчрақәа акгьы зхарам ауааԥсыра ақалақь иалҵыртә аҭагылазаашьа рырҭароуп. Ус анакәымха, аиҿцәажәарақәагьы цалоит, уи аан аоперациа ҷыда аӡәгьы иааникалом", - иҳәеит иара.
Хәажәкыра ҩба, бжьымш ирықәуп Донбасс ареспубликақәа рыхьчарази Украина абџьархыхрази аоперациа ҷыда мҩаԥысуеижьҭеи.