Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра: украинатәи арратә ӷбақәа Азовтәи амшын ахь изнеиуам

Атәылахьчара аминистрра адыррала иҭархоуп 395 танк, акәылӡы машьынақәа, 59 – РСЗО, 179 –артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik. Украинатәи арратә ӷбақәа Азовтәи амшын ахь изҭамло иаанкылоуп ҳәа аҩуеит РИА Новости аусбарҭа адыррақәа шьаҭас иганы.
"ДЖәР Жәлар рмилициа Донецктәи аобласт аҳәаахь инеины урыстәылатәи архәҭақәа рыҽрымардеит, Азовтәи амшын аԥшаҳәа ахьчаразы", - ҳәа иҳәеит Атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак, аинрал-маиор Игор Конашенков.
Урыстәыла Украина арартә операциа иалагеит жәабран 24 азы. Атәыла ахада Владимир Путин "ари аашықәса агеноцид ззыруаз ауааԥсыра рыхьчара иазырхоуп" ҳәа ахиҳәааит. Уи азы арратә цәгьоуцәа рус ӡбатәуп, Украина абџьар ахыхтәуп ҳәа иҳәоит иара.
Аминистрра адыррала Арбџьармчқәа арратә инфраструктуроуп ааха зырҭо, аҭынч уааԥсыра ԥырхага рымам. Убри аан Украина аоккупациа азура аӡәгьы игәы иҭам ҳәа иҳәеит ахада.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Пентагон уаанӡатәи ахада иабжьгаҩ: Путин акыршықәса раахыс ҳгәызҳҽаниҵоз аус далагеит